АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Рашәара 30 ашьыжь инаркны ԥхынгәы аказынӡа Шәача амшцәгьа ҟалар алшоит, абри атәы рыланаҳәоит Краснодартәи атәылаҿацә иатәу АҶА аусбарҭа хада.
Шәача ақалақь ахадара аофициалтә саит аҿы иарбоуп амшцәгьа аамҭазы адыд-мацәыс зцу ақәаршыҩ леир алшоит, уи иахҟьаны аӡхыҵрақәа ҟалар ҟалоит, ашьхарахь аҳәынҵәеиларшьшь леир алшоит, амшын аԥшатлакә хылар ауеит ҳәа.
Шәача ахада Алексеи Копаигородски инапынҵала ақалақь амаҵзурақәа зегьы русура дырӷәӷәоит.