Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны ауааԥсыра рзы аҵакы змоу ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Аусурақәа реиҳарак рынагӡара иаҿуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа инақәыршәаны. Ауснагӡатәқәа рыхәҭак рымҩаԥысшьа атәы арадио аефир аҟны еиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Ажурналистцәа аҭааны ирбеит Мықә иҟоу аӡеизакырҭа; Очамчыра аԥшаҳәаҿы имҩаԥырго аусқәа; Маркәыла ақыҭан ирбеит зыргылара иаҿу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа; игәарҭеит Кәыдры аӡиас Аӡҩыбжьа анхацәа ирмыҵаларазы, аӡыршьҭра арҽеиразы имҩаԥырго аусқәа; Кациқыҭ амшцәгьа иаӡәӡәаз ацҳақәа шеиҭашьақәыргылоу рбеит; Агәыӡера аӡиас Ԥарнауҭ арыцқьара шцо гәарҭеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.