Тҟәарчал иахьазы атуризм аусхк 100-ҩык инареиҳаны иадҳәалоуп, сынтәа макьаназы ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны аԥсшьаҩцәа маҷуп, аха агәыӷра ыҟоуп урҭ рхыԥхьаӡара иацлап ҳәа азгәеиҭеит Дочиа.
Тҟәарчал араион ахада еиҭеиҳәеит аӡхыҽҽақәа рахь уназго амҩа аҟаҵаразы аиҵахарақәа зыхҟьаз, иҳәеит аԥхын иалагӡаны акаҭран ықәҵахоит ҳәа агәыӷра шрымоу.
Дочиа иажәақәа рыла, Тҟәарчал араион иахьаҵанакуа Риҵа еиԥш аҳәырԥсарра еиҿыркаарц агәҭакы рымоуп, уи апроект аус адулара иаҿуп шықәсыбжак иназынаԥшуа. Апроект аԥсҭазаара аларҵәаразы иақәхарџьтәу ҳәа 27 миллиард мааҭ рҟынӡа иахьазы ирԥхьаӡахьеит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.