АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Шәача аҳаирбаӷәазантәи Аԥсны аҳәаа аҟынӡа уахгьы-ҽынгьы автобусқәа бжьалоит ԥхынгәымза акы инаркны, абри атәы аанацҳауеит Шәача акурорт ахадара аусбарҭа.
Иара убас "Аҳаирбаӷәаза- Шәача" амҩахырхарҭагь уахгьы-ҽынгьы аус аулоит.
Акурорт иаланхои асасцәеи рырманшәаларазы автобусқәа рныҟәара иацырҵеит, иара убас Лазаревск араион ахырхарҭала аԥхынтәи аамҭазы аус зуа автобусқәа бжьарҵеит", - ҳәа иҳәеит Шәача ақалақь ахадараҿы амҩатә нхамҩеи атранспорттә депортаменти реиҳабы Виачеслав Бауер.
Акурорт аамҭазы, ԥхынгәы акы инаркны ақалақь аҟны автобусқәа русура иацҵоуп. Ақалақь аҩнуҵаҟа аус руеит асааҭ 23:00 рҟынӡа, ақалақьнҭыҵтәи - апассаџьырцәа рырацәара зеиԥшрахо еиԥш.