Аԥсны

20-ҩык рҟынӡа амашьынарныҟәцаҩцәа ҩымш рыҩнуҵҟа иааныркылеит арыжәтә ыжәны иахьныҟәоз азы

Зынӡа мчыбжьык аҩнуҵҟа амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы иаанкылан 1796-ҩык, амашьынарныҟәцаҩцәа 71-ы аҭакԥхықәра рыдҵан ижәны иахьыҟаз ма анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыланы иахьыҟаз.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа азԥхьагәаҭаратә реидқәа раан ԥхынгәы 1, 2 рзы иааныркылеит 23-ҩык ижәны иҟаз амашьынарныҟәцаҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика АҩАР апресс-маҵзура.
Аԥсшьарамшқәа раан иазырхиан административтә еилагарақәа рзы 630 ԥкаанҵа.
Азԥхьагәаҭаратә реидқәа мҩаԥган аминистр ҿыц Роберт Кьиут инапынҵала.
Ареидқәа ирхықәкы хаданы иҟоуп амҩатә ԥҟарақәа еилазгои арыжәтә зыдкыланы иҟоуи раанкылара. Асеиԥш иҟоу аӡә дааныркылан, иара уаҵәҟьа амашьына аԥсҟы акразы азин имырхуеит.