АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит уаҵәы, ԥхынгәы 4 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аӡы аанкылахоит асааҭ 09:00 инаркны 18:00 рҟынӡа амҩақәа Беигәаа, Заречнаиа, Аԥошьҭатә, Депотәи, Астанциатә, Семерџьиев имҩа ахәҭак, Аланаа, Гочуа, Папасқьыр, Гәлиа амҩақәа рҿы.
Уи адагьы, аӡы зхалом ақалақь агәаны игылоу анхарҭаҩнқәа хыхьтәи реихагылақәа рахь.