Аԥсны

Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко Беларусь Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит

Белоруссиа аҳәынҭқарратә ныҳәа хада ҳәа иԥхьаӡоу Ахьыԥшымра амш азгәарҭоит ԥхынгәы 3, Минск анемец оккупациаҟынтәи 1944 шықәса рзы ахы ианақәиҭыртә амш аҽны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Белоруссиа ахада Александр Лукашенко Беларусь Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аныҳәа аҵакы азгәаҭо, Бжьаниа иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашьҭахь уи Беларусь аиҭаира ишасимволу, белорусаа рдоуҳамч ишадыргоу.

"Аԥсни Белоруссиеи тәылак иахәҭакны еивагыланы еицырзеиԥшыз аӷа иҿагылеит, аҭынч ԥсҭазаарагьы еицдыргылеит. Аԥсуааи белорусааи рҭоурыхтә еимадарақәа иахьатәи реизыҟазаашьақәа рыҿиара шьаҭас иамоуп. Агәра ганы сыҟоуп ԥхьацара иаҿу ҳаимадарақәа Аԥсни Беларуси рыжәларқәа ргәаҳәара шаанарԥшуа", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.

Аԥсны ахада белоруссиатәи иколлегеи Беларусь иқәынхо ажәлари ирзеиӷьеишьеит аҭынч ԥсҭазаара, ашәҭыкакаҷра, аизҳазыӷьара.