Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ломиа ақыҭаҿы ахандеиреи, ахаҵа илаӷырӡ аазгаша аамҭеи иазкны

Арасаӡыхь ииаз-иааӡаз, иахьа Уарча ақыҭа инхо Анри Ломиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит инхара шеиҿкаау атәы, ихы зланыҟәиго, насгьы нап адкыланы ииааӡо ашәырхкқәеи ашьхымзеи ртәы.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.