Аџьықәреи аԥхасҭа азҭо ахәаҷа ҵыԥх-ҵыԥхцәагьы иҟан, аха сынтәа амҽхак ҭбаахеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Какәыбаа.
"Сынтәа раԥхьа Елыр ақыҭаҟны амҽхак ҭбааны ицәырҵит, анаҩс Акәасқьа, Кәтол, иахьа Лашькьындар ахәшәтәрақәа мҩаԥысуеит. Уи зегьы хәыдаԥсадоуп, араион абиуџьет аҟынтәи аҟәрышь азыԥшаауп, анхацәа рыԥш аԥхасҭа амаиурц… Иахьа ҩ-бригадак аԥҵоуп Очамчыра амашьына-трактортә станциа амчала, бригадак ахәшәтәыга атехника ашланг ацраҳәаны, ауаҩы дадгыланы ихәышәтәуа. Акәасқьа ақыҭаҟны 15-16 гектар рҟынӡа хәшәтәуп, убасгьы Кәтол, Елыр. Ҳахьӡеит абри ахәаҷа ҿыц анҿиоз аамҭа, ахәшә ибзианы аус ауит азуҳәар ҟалоит. Уазымқәаԥар, аԥш аҩнуҵҟа ифаны ишьҭанаҵоит ахәаҷа, ашьра цәгьоуп", - иҳәеит Какәыбаа.
Иара иажәақәа рыла, ахәаҷа аԥхасҭа знаҭаз аџьықәреи Очамчыра араион аҟны иахьа 100 гектарк раҟара ыҟоуп. Амшқәа ирнаҭар, ахәшәтәра мҩаԥыргоит, ҽнак 15-20 гектар рҟынӡа рхәышәтәыр рылшоит иҳәеит Какәыбаа.
Иара иазгәеиҭеит ҵыԥх аарҩара иахҟьаны араион аҟны 70% рҟынӡа аџьықәреи аҽаҩра шрызҭамгалаз, сынтәа амхы лазҵаз иаҳа еиҵоуп.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.