Урыстәыла

Урыстәыла АШәМ Ҟрым ахада ишьразы аҽазышәара аԥнарҟәҟәааит

Украинатәи аԥшыхәратә маҵзура Ҟрым ахада ишьра аҽазнашәеит, уи дадыԥхьалан 35 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ. Иара аԥшыхәра-ԥжәаратә, амина-ртҟәацратә усурақәа дырзыҟарҵеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Ҟрым ахада Сергеи Аксонов ишьразы аҽазышәара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ари аус анагӡара игәҭакын ҳәа агәызҩара ззыҟоу Урыстәыла атәылауаҩ Аксионов имашьына аԥжәара игәҭакын. Иара дааныркылеит абомба аҵәахырҭаҟынтә ианигоз.
Уажәы иара дырбаандаҩуп. Иганахьала ихацыркуп Урыстәыла Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 205, ахәҭа 1; ахәҭаҷ 30 ахәҭа 1 инарықәыршәани (атеракт амҩаԥгара), ахәҭаҷ 222.1 ахәҭа 1 (закәаншьаҭада артҟәацгақәа рымазаара) инақәыршәани.