Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны АҶА аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ԥхынгәы 4 рзы рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит. 17 шықәса раԥхьа иаԥҵан Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны АҶА аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс".
Ахада иазгәеиҭеит 17 шықәса рыҩнуҵҟа аусбарҭа аусура асистема ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи ршәарҭадара ишацклаԥшуа.

"АҶА аҟны аусуразы апрофессионализм адагьы агәаӷьра, агәымшәара, афырхаҵара, ахамеигӡара аҭахуп. Есыҽны шәыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭаргылан атәым ԥсҭазаарақәа шәыхьчоит, еиуеиԥшым ауадаҩрақәа шәԥылоит. Иарбанзаалак шәҿаԥхьа иқәгылоу адҵа иреиҳаӡоу аҩаӡарала инашәыгӡоит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Атәыла ахада аминистрра аилазаара ирзеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, ақәҿиарақәа, аоптимизм.