Дамеи Қәычбериа аа-шықәса ихыҵуеит. Иара идиагноз инаӡам аостеогенез иахҟьаны ибаҩқәа даара икәадоуп, лассы-лассы иԥҵәоит. Еиҳарак иарма уаҭәа уашәшәыроуп. Уи ԥымҵәаларц азы миллионки бжаки мааҭ инареиҳаны зыхә ыҟоу аоперациа изутәуп.
"Аоперациа аан изныкымкәа иԥҵәахьоу иармарахьтәи ишьапыргәацә ателескоптә еидкылага ҭадыргылоит. Ахәыҷы изҳацыԥхьаӡа аиҵыхра алшоит. Анаҩс иарӷьа шьапгьы иара убасҵәҟьа аҭаххоит. Узықәгәыӷша ыҟоуп. Ҳаргьы ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым-атравмотолог Гьаргь Морохиа.
Ахәыҷ иан Џьенни Қәычбериаԥҳа илҳәеит Дамеи дышхәыҷы еилыххоу, игәырҵҟәыл шыбзиоу. Сынтәа иара хәба ҳәа актәи акласс далгеит. Аҵараҵара адагьы иара бзиа ибоит ашьапылампыл. Дамеи хәыҷы даара Леонель Месси дигәаԥхоит, ахәмарыҩ ду дишьклаԥшуеит, ихаҭагьы ԥхьаҟа дшьапылампыласыҩхарц иҭахуп.
Афонд "Ашана" Дамеи изы аԥареизгара хацнаркит. Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа еилышәкаарц шәылшоит афонд аофициалтә саит аҿы.