Аԥсны

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников Аԥсны даҭааны дыҟоуп

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников зхадараҿы дыҟоу аделегациа Гагри Гәылрыԥшьи араионқәа дырҭаауеит.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников Аԥсны даҭааит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Урыстәылатәи даелегациа ирԥылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Ареспублика асасцәеи аԥшәмацәеи игәарҭараны иҟоуп Аинвестпрограммала Гагреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы идыргыло аобиектқәа. Аделегациа аҭааны ирбеит Алаҳаӡы ақыҭантәи астанциа маҷи ацрыҵрыцқьарҭақәеи.
Решетников аобиектқәа рҿы аусурақәа шцо ҭиҵааит, проблемақәаны иҟоу еиликааит, аобиектқәа ахархәарахь ианнеиуа аҿҳәарақәа дрызҵааит.
УКС аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит Гагра араион аҿы ацрыҵӡқәа рсистема аргылара аконцепциа 2019 шықәсазы аус шадулаз. Уижьҭеи апроект аетапқәа хԥа мҩаԥгоуп, иргылоуп ацрыҵӡстанциақәа хәба, 211 миллион мааҭ рықәхарџьуп аӡрыцқьагақәеи аӡнеирҭатә коллектори.
Иааидкыланы аусурақәа 2024 шықәсанӡа имҩаԥыслоит. Урыстәылатәи аделегациа аҭаараны иҟоуп Пицунда, 2026 шықәсазы идыргылараны иҟоу асасааирҭатә комплекс "Москва-Резорт".