30 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 2 рзы иалагеит аҵак ду змаз Ииультәи ажәылара. Уи аҽны Аԥсны Арбџьармчқәа рыҩфронтк - Гәымсҭатәии Мрагыларатәии - ажәылара еицалагеит. Тамшь ақыҭан иӡхыҵит 300-ҩык инарзынаԥшуаз аԥсуа десант. Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи Гәдоуҭантәи иӡхыҵыз адесант аибашьцәеи иааныркылеит ақырҭуа ари аџьаԥҳани злаиаргоз ареспубликатә мҩаду хада. Абри ашьҭахь афронтқәа зегь рҟны еицымҩаԥган ажәыларатә операциа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Никита Ратиа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит ахҭысқәа шымҩаԥысуаз, еиҭеиҳәеит ииультәи аоперациеи иднарбаз атәы.
Никита Ратиа 31 шықәса дырҭагылан аибашьра ианалагоз. Аԥсуаа аҩада ҳкыдцалан ҳрыман ақырҭцәа, еибашьрада ҳацқьахомызт ҳәа азгәеиҭеит иара аиҿцәажәараҿы. Тамшь адесант аӡхыҵра атәы еиҭаҳәо иҳәеит, аибашьцәа ргәы анеиҭаԥоз ахҭысқәагьы шыҟаз, аха ԥхьаҟа ирыхоз акомандирцәа ирыбзоураны рус шынарыгӡоз.
"Аԥара уадаҩын амшын ҳанааӡхгыла. 30 кьыла апатрон, автоматқәа… Аха шаҟа угәы ԥжәо аҟара уеибашьҩхон. Аԥсны абас ахацәа ыҟоуп ҳәа сыздырӡомызт аибашьра саламгылазҭгьы. Аӡә дырхәит, аҩбатәи, егьи дыршьит, аха ԥхьаҟа уагоит абри ишьа зундаз ҳәа", - иҳәеит Ратиа.
Тамшь ҳаныӡхыҵ, ирлас аибашьра ҳалгоит ҳәа сгәы иаанагон, аха аамҭа цеит, убри аан мышкы ҳаҵахоит ҳәа сгәы иаанагомызт ҳәа иҳәеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.