АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Очамчыра, Чачба имҩаҿы игылоу аҩнеихагыла абарҵа амыҩрит ԥхынгәы 4 рзы. Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Асҭанда Ашәԥҳа илҳәеит аӡәгьы ааха шимоуз.
Аҩны Очамчыра араион ахадара абаланс аҿы иҟоуп, уаанӡа "Аԥсны аихамҩақәа" иртәын.
“2018 шықәсазы "Аԥсны аихамҩақәа" иатәыз ахыбрақәа зегьы араион ахадарахь ианиаргоз ари ахыбрагь ииаргеит, 2018 шықәса раахыс Очамчыра араион ахадара абаланс аҿы иҟоуп. Аҩны ргылан 80-тәи ашықәсқәа рзы, аханатә иара ахаҭабзиара лаҟәны идыргылеит. Уи аахысгьы зныкгьы арҽеиратә усурақәа мҩаԥгамызт", - ҳәа лҳәеит Ашәԥҳа.
Иахьазы егьырҭ абарҵақәа рҭагылазаашьа злеилкаам ала ауааԥсыра рхы иадмырхәрц аҳәара ҟарҵоит. Очамчыра ахадара ргәы иҭоуп аҟазауаа адԥхьаланы ахыбра иамоу абарҵақәа зегьы ҭырҵаарц.
“Иҟоу аҭагылазаашьа аадыруазароуп, ԥхьаҟа иҟаҵатәу аилкааразы", - ҳәа лҳәеит Ашәԥҳа.
Аҩны 60 уада амоуп. Урҭ реиҳараҩык ауаа рыҩноуп. Очамчыра ари аҩны амацара акәӡам ауадаҩрақәа зманы иҟоу. Асҭанда Ашәԥҳа лажәақәа рыла иҟоуп шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылатәу аҩнқәагьы. Урҭ иреиуоуп Кәартаа имҩаҿы игылоу 34-тәи аҩны.