Аԥсны

"Зныкгьы сгәы иҭамшәацызт аибашьраҿ ҳаҵахоит ҳәа": Ратиа игәалаиршәеит аибашьра ахҭысқәа

Sputnik
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Никита Ратиа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит аибашьра ахҭысқәа рыҿиашьа, еиҭеиҳәеит ииультәи аоперациа иднарбаз атәы.
"Амшын ҳанааӡхгыла аԥара уадаҩын. Аидара ҳазҵаз, 30 кьыла апатрон, автоматқәа… Аха шаҟа угәы ԥжәо аҟара уеибашьҩхон. Аԥсны абас ахацәа ыҟоуп ҳәа сыздырӡомызт аибашьра саламгылазҭгьы. Аӡәы, ҩыџьа рхәит, егьи дыршьит, аха ԥхьаҟа уагоит абри ишьа зундаз ҳәа", - иҳәеит Ратиа. Ишәыдаагалоит астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.