Аԥсны

Аԥсны адәныҟатәи ахәаахәҭра шықәсыбжак аҩнуҵҟа 21,1 миллиард итәеит

Ииасыз ашықәс абри аамҭахҵәаха иаҿырԥшны 19% еиҳахеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи ахәаахәҭра 2023 шықәса азбжак аҩнуҵҟа 21,1 миллиард итәеит ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
17,7 миллиард мааҭ артәеит аимпорт, уи ииасыз ашықәстәи арбага аасҭа 19,6% рыла еиҳахеит. Зегь раасҭа аимпорт еиҳахеит: акәацлых, ахшаалыҵ, атранспорт, аҩнымаҭәа, афымца-техникатә хархәагақәа.
Анефҭаалыҵқәа, ахәшәқәа, ауҭраҭыхи ашәыри, аҭаҭынаалыҵ, ахьымаҭәа атәылахь ралагалара амҽхак еиҳа еиҵахеит.
Фымз рыҩнуҵҟа Аԥсны аекспорт ахь иашьҭит 3,4 миллиард мааҭ рыхә атауар. Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 11,7% (352 миллион мааҭ) рыла еиҳахеит. Аиҳарак ареспублика иалыргоит арыжәтә, ақыҭанхамҩатә тауарқәа.