Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik Аԥсны иаԥшьнагаз апроект ҿыц "Аибашьра иалахәыз" сасцәас иаҭан аветеранцәа - абаталион "Горец" аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Арсен Ажьибеи Ешыра-Афонтәи абаталион амедиаҳәшьа, Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуаԥҳаи. Аиҿцәажәараан дара иргәаладыршәеит Ииультәи ажәылара аҭоурых. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.