Аԥсны

Искандер ишьҭа ихылан: Аҟәа алитературатә екскурсиа мҩаԥысит

Аекскурсиа иалахәын Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭеи аԥснытәи рколлегацәа аҟазаратә-классқәа рзымҩаԥызго Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университети еиҿыркааз арҵаҩратә ҟазара ашкол алахәылацәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Фазиль Искандер ишьҭақәа ирхыланы алитературатә екскурсиа мҩаԥыргеит иахьа, ԥхынгәы 7 рзы.
Аекскурсиа иалахәыз Аԥсни Тамбови рҟынтәи афилологцәа аҭааит ашәҟәыҩҩы дахьынхоз аҩны, аҵара ахьиҵоз ашкол, ирҿиамҭақәа рҿы зыӡбахә далацәажәоз аҭыԥқәа – зҿаԥхьа Алихан мрагыларатәи ахаамыхаақәа ахьиҭиуаз адәқьан зҿаԥхьа игылаз ахәыҷбаҳча, шәыр зҿамло, аха зывараҿы аҵла ҿыц еизҳауа аҳаҵла. Арҭ аҭыԥқәа зегьы рҿы ААУ аурыс бызшәеи алитературеи ркафедра астудентцәа ҿырҳәала иаԥхьон Искандер ирҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәа.
Тамбовтәи аҳәынҭуниверситет аурыси аҳәаанырцәи алитературақәа ркафедра апрофессор Наталиа Сорокина иазгәалҭеит апрограмма шьахәла ишеиҿкааз.
"Аԥсны ссируп. Аҟәа акәзаргьы - иара убас. Акультуратә ҭынхақәа ирҟәырҷахоуп. Даара ибзиоуп абаҟақәа ахьеиқәырхоу. Сгәы иаанагоит афилологцәа реиԥш иааидкыланы акультура аинтерес змоу зегьы рыдрыԥхьалоит ҳәа", - лҳәеит лара.
1 / 6

Искандер ишьҭа ихылан: Аҟәа алитературатә екскурсиа мҩаԥысит

2 / 6

Искандер ишьҭа ихылан: Аҟәа алитературатә екскурсиа мҩаԥысит

3 / 6

Искандер ишьҭа ихылан: Аҟәа алитературатә екскурсиа мҩаԥысит

4 / 6

Искандер ишьҭа ихылан: Аҟәа алитературатә екскурсиа мҩаԥысит

5 / 6

Искандер ишьҭа ихылан: Аҟәа алитературатә екскурсиа мҩаԥысит

6 / 6

Искандер ишьҭа ихылан: Аҟәа алитературатә екскурсиа мҩаԥысит

Лара лажәақәа рыла, тамбовтәи ашколқәеи аҵараиурҭақәеи рҿы ирҵоит Искандер ирҿиамҭақәа. Сорокина илыԥхьаӡоит ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәеи иповестқәеи афилологиатә ҟазшьа аганахьала адагьы аетнокультуратә баҟак еиԥш еицырдыруеит ҳәа.
"Уажәы, Аԥсны, раԥхьаӡа акәны сыҟазаара иалагӡаны даҽакала исныруа иалагеит Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи. Ииҩуаз збоит лабҿаба – аԥсуа иԥсҭазаара, амилаҭтә чыс аҷыдарақәа, ахымҩаԥгашьа", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Аекскурсиа мҩаԥылгон ААУ аурыс бызшәеи алитературеи ркафедра арҵаҩы Елена Кобахьиаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, раԥхьатәи аекскурсиа мҩаԥган 2017 шықәсазы, афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Фазиль ирҿиамҭақәа рыԥхьара акраҵанакуеит. Иара ихаҭа иҳәалон аҟазара иахықәкы хадоу ауаҩ бзиа иоуп ҳәа. Иара ишәҟәқәа ауаҩы деиӷьыртәуеит, дуаҩны дҟарҵоит, аиашара, аламыс дрылацәажәоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәсазы, Аҟәа. 1954 шықәсазы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны.
Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест - "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа), аепос "Чик ихәыҷра", аповест-жәамаана "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи", аессе-диалог "Урыстәыла иазхәыцуеи америкауаҩи", аповестқәа "Ауаҩи уи икәша-мыкәшеи", "Апоет", "Ауаҩы игыларҭа", "Софичка", ажәабжьқәа "Геракл ажәахатәи ифырхаҵара", "Алагамҭа" уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны
Аԥсуа колорит азышәаҳәаҩ: Фазиль Искандер диижьҭеи 95 шықәса ҵит