АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа дааныркылеит Ҟрым аихамҩа ԥижәеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ахаҵа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
25 шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ, Симферополь инхо, арратә операциа ҷыда ианалага Одесса дынхон, уа украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рус дадрыԥхьалеит.
УШәМ анапынҵала 2023 шықәса жәабранмзазы Ҟрым, Бахчисараитәи араион, амҩеихшарҭа "Чистенькое-Почтовое" аҟны аихамҩа ԥижәеит.
Аӡбарҭа аӡбарала иара дырбаандаҩуп, уажәы иҿахәы иҿырхуеит. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит. Урыстәыла аҭыԥ змаз егьырҭ ацәгьоурақәа дахьынӡарылахәыз атәы аилкаара иаҿуп.