АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа амш иазкны еиҿкааз урыстәылатәи аестрада ашәаҳәаҩцәа рконцерт заа ихдыркәшар акәхеит ақәаршҩы амшала.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы игылоу агәашьаркыра амҵан, ахәаԥшцәа рацәаҩнгьы иаднаԥхьалеит. Уи иаҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент аиҳабы Сергеи Чериомини.
Аконцерт аалыртит ашоу "Голос" алахщыла, ашоу "Маска" афинал ахь инеиз Дариа Антониук. Лара аԥсуа жәлар ирылоу асасдкылара азгәалҭеит, ҭаацәашәала ишеизыҟоу шылбаз атәы лҳәеит.
"Есыҽны абзиабара, агәырӷьара, ахҭыс бзиақәа жәбалааит", - лҳәеит лара.
Аха, рыцҳарас иҟалаз, амш иаалырҟьаны еиласын, ақәаршҩы ӷәӷәа иалагеит, ауаа иаразнак иарбааӡан, уаҳа рылымшаз, ирласны еилыҵит, аусмҩаԥгатәгьы аҵыхәанынӡа ирзымҩаԥымгакәа ихдыркәшеит.