АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳҭнықалақь ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит Аҟәа ақалақь амш. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аҵак ҷыда змоу ари амш аҽны Аҟәа иацтәи, иахьатәи азгәаҭо, аԥхьаҟатәи аԥеиԥшгьы ҳазхәыцуеит. Ҳара зегьы зеиԥш хықәкны иҳамоуп ақалақь иҵегьы еиӷьхарц азы уи алшарақәа рырҿиара, Аҟәа иаланхо дарбанзаалак изы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Аҟәа амҩа ссирқәа, архитектура, апарк шьахәқәа, амшын аԥшаҳәа рыла иҩычоу, раԥхьа иргыланы, ҳҳәынҭқарра Аԥсны иаҳҭнықалақьуп иҳәеит ахада. Иара иажәақәа рыла, убас иахьҟоу азы иара аҳҭнықалақь аҳасабала иҿырԥшыганы, иқәынхо ауааԥсыра рзеиԥш, Аԥсны атәылауааи, иаҳҭаауа асасцәеи рызгьы анхара, аҭаара ргәы азыҳәо, ргәы азыбылуа иҟазар алшоит.
Аслан Бжьаниа Аҟәа иқәынхо ирзеиӷьеишьеит рықалақь гәакьа азгәдура, абзиабара рцәымӡырц, иара есааира иҿиаларц, еизҳазыӷьаларц.