Аԥсны

Миқааи Адлеиԥҳаи Аҟәа ақалақь азы ргәыбылра иазкны

Sputnik
Ԥхынгәы 8 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҟәа амш. Аҳҭнықалақь сынтәа иахыҵуеит 2507 шықәса. Ари аныҳәа аҳаҭыр азы Sputnik Аԥсны арадиостудиаҿы ирыҿцәажәеит Аҟәа инхо арҵаҩы, Аҟәатәи 16-тәи латәара-латәарадатәи ашкол аиҳабы Ирма Адлеиԥҳаи арҿиаҩы, амузыкант, арежиссиор Ерик Миқааи. Дара еиҭарҳәеит Аԥсны ақалақь хадаҟны рхәыҷра, реизҳара аамҭақәа шымҩаԥысуаз, ргәы иахәо, ргәы дзырхьуа, ирбарц шырҭаху атәы. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.