Аԥсны

Роберт Кьиут Москва Амҩатә ныҟәара аиҿкаара ацентр анапхгаҩы дидикылеит

Аганқәа алацәажәеит Аԥсны амҩақәа рҿы аныҟәара аиҿкаареи ақалақьқәа рҟны азинеиҿкаара аиқәыршәареи рызҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Москва Амҩатә ныҟәара аиҿкаара ацентр анапхгаҩы Михаил Кизылык дидикылеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла АҩАР апресс-маҵзура.
Аганқәа алацәажәеит Аԥсны амҩақәа рҿы аныҟәара аиҿкаара.
"Амҩаҿы аҭагылазаашьа ахылаԥшразы атехникатә хархәагақәа еиҳа ирацәаны раахәара, автотранспорт аелектронтә ҭаҩгақәа ралагалара, Аҟәа ақалақьи Аԥсны зегьи амҩатә ныҟәара аиҿкаара анаҭаху аамҭазы даара акраҵанакуеит аппарат-программатә комплекс аус адулашьа здыруа, ззанааҭ иазҟазоу акадрқәа разыҟаҵара", - иҳәеит Роберт Кьиут.
Михаил Кизылык иакәзар, иазгәеиҭеит аминистрра аус ацуразы ихәарҭахо ахырхарҭақәа арбақәан, еиҭеиҳәеит амҩатә ныҟәара аиҿкаара аусхк аҟны аҟазацәа шазыҟарҵо, иара убас ареспублика амҩаду аҿы ашәарҭадара аиҿкааразы иҟоу аинфраструктура зеиԥшроу гәеиҭеит.