Сынтәа Кәыдры аӡыршьҭра арыцқьаразы инарыгӡо аусқәа егьырҭ ашықәсқәа раан имҩаԥыргоз излареиԥшым атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба.
Кәыдры аӡыршьҭра арыцқьареи ариашареи рзы аусурақәа цоижьҭеи ҩымз ирықәуп. Абыхәба иазгәеиҭеит аӡыршьҭра рыцқьаны аӡиас арҵаулара мацара шакәым урҭ ирыҵаркуа.
"Раԥхьа ирҭахыз аӡиас агәҭа 700 метра ирыцқьаны аганқәа рахь (аӡиас иҭыргаз ахаҳә, абӷанҷ - азгәаҭа) ақәԥсара акәын, аха уи знык-ҩынтә аӡы хыҵыр еиҭахгьы иаӡәӡәон. Уажәы ирыӡбеит иҭрыцқьааны аӡыршьҭра каналк аҳасабала иҟарҵарц, аӡы ишиашоу иҭаланы, армарахь арӷьарахь имқшо иҟаларатә еиԥш", - иҳәеит Абыхәба.
Иазгәеиҭеит ари аус ишалнаршо ԥыҭраамҭак анхацәа Кәыдры аӡиас рыҵамлартә еиԥш аҟаҵара. Игәалаиршәеит 20 шықәса раԥхьа иҟаз аӡхыҵра ауаа ирнаҭаз аԥхасҭа ду, иазгәеиҭеит сынтәатәи аусурақәа аҵыхәтәанынӡа ианнагахалак, ауаа ргәы шдырҭынчуа, аӡы рыҵаларатә еиԥш ашәарҭара шаԥыххо.
Кәыдры аӡыршьҭра арыцқьареи ариашареи рзы аусурақәа хдыркәшараны иҟоуп 10-15 мшы рыла ҳәа азгәеиҭеит Абыхәба.
Аусурақәа мҩаԥнагоит Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа, аҳәынҭқарра аҟынтәи иазоушьҭуп 60 миллион мааҭ.
Амшцәгьақәа рышьҭахь ақыҭақәа Уарча, Аӡҩыбжьа, Кациқыҭ рынхацәа Кәыдры аӡиас рыҵалон азы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.