Аԥсны

Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз Гагара араион аоперативтә штаб аԥҵоуп

Бзыԥҭатәи авокзал иахьаҵанакуеи, Пицунда абжьаларҭеи, Гагреи амашьынақәа рныҟәара ԥкуп. Риҵаҟа амҩа аркуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхреи ааха зоуз рыцхраареи рзы аоперативтә штаб аԥҵоуп Гагара араион ахадараҿы.
Араион ахадара Тelegram-канал аҟны ишаҳәо ала, изҭаху зегьы иадҵаалар рылшоит ацәаҳәа ҷыда аҭел : 7210001, 9209892.
Аԥсны
Гагра араион амашьынақәа рныҟәара ԥкуп
Гагра араион зегьы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны лашарада иаанхеит ҳәа "Амшынеиқәафымцамч" Sputnik иазеиҭанаҳәеит. Ааха амҽхак макьана еилкааӡам, афымцалашара аиҭашьақәыргыларагь макьана еилкааӡамкәан иаанхоит.