Аԥсны

Донбасс иҭахаз Едуард Шьакаиа аҵыхәтәантәи имҩа дықәырҵоит Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ Едуард Шьакаиа ҵыԥх ҭагалан аахыс Донбасс деибашьуан Украинатәи арбџьармчқәа дырҿагыланы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Донбасс иҭахаз Аԥсны атәылауаҩ Едуард Шьакаиа аҵыхәтәантәи имҩа дықәырҵоит Аԥсны. Абри азы адырра ҟарҵоит Шьакаиа иҭаацәа.
2022 шықәса жьҭаарамзазы Шьакаиа Донбассҟа дцаны абаталион "Пятнашка" далалеит.
Рашәара 13 рзы иара аветеранцәа ргәыԥ даланы Бахмуттәи ахырхарҭахь еибашьра дцеит, рашәара 24 рзы аибашьра адәаҿы дҭахеит.
Едуард Шьакаиа данҭаха ашьҭахь Георги ихьтәы џьар I аҩаӡара ианаршьеит.