Урыстәыла

Адлери Весиолое рыбжьара афедералтә мҩа ахәҭак аркуп

Ԥхынгәы 9 рзы илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа араион маҷ Хосҭа аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәаны ианаҭеит. Ауадарацәа змоу аҩнеихагылақәа ҩба аӡы рыҵалеит, жәаба инареиҳаны амашьынақәа аӡы иагеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Адлери Весиолое рыбжьара афедералтә мҩа ахәҭак аркуп.
Амҩа аӡы ахьанымҵыц иахҟьаны аныҟәара алшом. Амашьынарныҟәцаҩцәа ирабжьыргоит А-149 Адлер-Гәыбаа адәы ала ицаларц.
Афедералтә ҵакыра Сириус аҿы 150 инареиҳаны аҩнқәа ирыԥну аҵакырақәеи 13 мҩеи аӡы рықәуп. Аамҭалатәи аангыларҭақәа рҿы 54-ҩык ауаа ҩнарҵеит.
Аҭыԥ аҿы аус руеит Шәачатәи аиқәырхаратә горнизон агәыԥқәа 10. Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра рнапы алакуп 146-ҩык аиқәырхаҩцәеи 50 ак атехникеи.
Шәача аус ауеит аоперативтә штаб, ауааԥсыреи асасцәеи ааԥхьара рырҭоит аҩны рҽааныркыларц.
Амшцәгьа ԥхынгәы 11 рҟынӡа иҟалоит ҳәа азгәаҭан уаанӡа. Аҳауагәаҭаҩцәа акырцх, ақәа леираны иҟоуп, аԥшасра ҟалоит, аӡқәа хыҵыр алшоит ҳәа рҳәоит.