Арадио

Габилаиа Очамчыра араион аҿы иҟаз амшцәгьазы: аԥхасҭа рацәоуп

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ԥхынгәы 9 ауха араион аҿы иҟаз амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.
Sputnik
Очамчыра арион аҿы иҟаз амшцәгьа иахҟьаны Лашькьындар, Ҷлоу, Маркәыла, Мықә ақыҭақәа рҿы аԥхасҭа роуит анхацәа, ааха рыҭоуп амҩақәа ҳәа адырра ҟаиҵеит Габилаиа арадиоефир аҿы.
"Ҷлоу ақыҭан ҩ-цҳак еиҭашьақәыргылатәхоит. Ԥақәашьынтә Тҟәарчалҟа узлацо амҩа ҩыџьара адгьыл бгеит. Атехника аусура иаҿуп. Иаарласны амҩа аҭыԥ иқәҵахап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Иҟоуп адгьылқәа ахьыбгаз, иахьҳәазаз. Акәаскьа ақыҭан аҩны ааха аиуит, аҭӡамцқәа ҷҷеит. Шаҟа ҩны аӡы рыҩналаз макьана еилкааны иҳамам. Акомиссиа аусура иаҿуп. Ақыҭа ахадацәа рҟынтә иҳамоуп аинформациа анхацәа рымхурсҭақәагьы ааха шрымоу азы. Макьана аӡқәа мтәаӡацт. Иҟоу аԥхасҭа еилкааӡам", – иҳәеит Габилаиа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.