Арадио

Смыр еиҭеиҳәеит Алаҳаӡы аӡхыҵра ашьҭахь аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Алаҳаӡы ақыҭа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭа адепутат Алхас Смыр арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аӡхыҵра ашьҭахь аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аԥcабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ицо аусурақәа ртәы.
Sputnik
Ақыҭаҿы ирацәоуп аӡы зыҩналаз аҩнқәа, макьанагьы аӡы ҭатәоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Смыр.
"Ешба имҩаду аҿы 600 метра акаҭран ықәнахит. Уажәы атехника ҳазԥшуп амҩа арыцқьаразы. Ҭыԥк аҿы икаҳаит ҩ-ҵлак, атрансформатор аԥхасҭа анаҭеит. Лашарада иаанхоит ауаа, аха аусурақәа цоит афымцалашара аиҭашьақәыргыларазы. Аӡы аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵеит. Ара инхо ауаа ирҳәоит ас еиԥш ишырымбацыз. Актәи аихагылақәа рҿы игылаз аҩнымаҭәа, атехника аԥхасҭа роуит. Макьана зегьы ҳрыламсыцт, ҳаҿуп уи аус. Уажәы асиақәа шьақәҳаргылоит ауаа ирнаҭаз аԥхасҭа аилкааразы", - ҳәа иҳәеит Смыр.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.