АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь амаҵзурақәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырырхуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахадара АКН адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
"Шьыжьнаҵы ақалақь аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҭаҳҵааит. Аҩнусбарҭақәа рхадацәа ауаа рыманы аусурақәа мҩаԥыргоит. Аиҳарак ақалақь агәы ауп аԥхасҭа зауз. Аӡиас маҷ Сухумка хыҵит. Пушкин, Академик Марр, Ажәанба, Сахаров (уажәы аинрал Аршба - азгә.) рымҩақәа рҟны аӡы рнын. Аҩнусбарҭақәа реиҳабацәа, зраион аҿы ԥырхага ҟамлаз, ацхырааразы ҳрыҳәеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, афымцалашара еиԥҟьам, аӡоужьра акәзар, Кьалашәыр аӡиас аҟны Турбаза араион ӡыла еиқәзыршәоз аӡымҩангагатә труба аԥхасҭа аиуит, уи инадҳәаланы апроблемақәа ыҟоуп иҳәеит Аҩӡба. АУН "Аӡыршьҭра" аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы аусурақәа мҩаԥыргоит.