Аԥсны

АҶА аусзуҩцәа ԥшьымш раԥхьа Аԥсны ашьхақәа рҿы иӡыз ахаҵа дрыԥшааит

Аԥшаарақәа ирылагеит ԥхынгәы 7 рзы, анаҟә шхызгьы, ақәа ӷәӷәа шлеиуазгьы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ԥшьымш раԥхьа Аԥсны ашьхақәа рҿы иӡыз ахаҵа дрыԥшааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Рамаз Ҵәыџьба, 60-шықәса зхыҵуа Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа ауаҩԥсы, аҭыԥантәи ахьшьцәа дрыцны ашьха дыҟан. Урҭ амҩан дрыцәҟьалеит. Аԥшааҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи арҭ аԥшьымш рыҩнуҵҟа иахьынӡаишьҭаз 45 километра рҟынӡа иахысит.
Ҵәыџьба дрыԥшааит. Иара ишьапы хҳәыцын. Актәи амедицинатә цхыраара иҭаны аҩныҟа дылбааргеит.