Аԥсны

АҶА аҿы еиҭарҳәеит Гагра араион аҿы иӡыз аԥҳәыс лыԥшаара шцо

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥҳәыс Алаҳаӡы ақыҭан ԥхынгәы 9 рзы аӡы дагеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Хаха-хымшуп урыстәылатәи атуристка лхабар ыҟамижьҭеи. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит уаанӡа Агараки ақыҭаҿы аԥҳәыс дыӡит ҳәа иҟаз аинформациа шиашам. Агараки ақыҭаҿы лгәы аангылан дыԥсит даҽа ԥҳәыск. Уи Гагратәи аморг ахь днаргеит.
Алаҳаӡы иӡыз аԥҳәыс лхаҵа лхаҭара ашьақәыргылараз днаргеит, уи алагьы еилкаахеит лара шлакәмыз. Иҟалаз иақәшәаз ирҳәеит Алаҳаӡы зыԥсы зшьоз Бзыԥ аӡиас дшагаз. Лыԥшаара иаҿуп амшын аҵа ҭызҵаауа зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аусзуҩцәа.
Аҭагылазаашьа аруадаҩуеит амшынеисреи аӡы ахәашьреи.