Аԥсны

Аволонтиорцәа Гагра аӡхыҵра аԥхасҭа знаҭаз ауаа ацхыраара рырҭоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны атәылауаа раԥшьгаратә гәыԥ Гагра араион аҿы ақәаршҩы аԥхасҭа знаҭаз ауаа ацхыраара рырҭарц ргәы иҭоуп.
"Ҳара ауаа ҳгәы ирыцҳанашьоит. Аӡәырҩы рҭагылазаашьа бааԥсуп, иҟоуп ирфо рымамкәа, иржәуа рымамкәа, иахьышьҭало рымамкәа иаанхаз. Ҳара иаҳҭаххеит иҳалшо ала ацхыраара раҳҭарц, рхала ишнымхаз дҳарбарц", - лҳәеит аиҿкааҩцәа иреиуоу Амина Адлеиԥҳа.
Аԥсны
Бжьаниа Гагра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа шцоз гәеиҭеит
Ацхырааҩцәа ргәыԥ иалалар зҭаху рҽеизыргоит Аҟәа, ԥхынгәы 12 асааҭ 10:00 рзы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академика Марр имҩа, 8. Акциа иалахәхарц зҭаху уи аиҿкааҩцәа абарҭ аҭелқәа рыла ирзасроуп: +79407102135, +79407270688.
Акциа алахәылацәа ргәы иҭоуп Гагреи Лӡааи ауаа ацхыраара рырҭарц - аӡхыҵра иаанагаз агәамсам рзықәыргарц, аҩнқәа ирыҩналаз аҳәынҵәыршьшьы дрыцқьарц, иаҭаххар, ахәыҷқәа ирхылаԥшырц.
Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, ауаа макьана иазхом. Ацара зҭаху рзы Аҟәа Аҿари аспорти русқәа рзы аубарҭа 40-ҩык зкуа ҩ-машьынак аргылоит. Уи адагьы, изылшо рхатә машьынақәа рыла Гаграҟа ицар рылшоит.
Аԥсны
Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа: Гагра араион аҭагылазаашьаҿ ихадоу