Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Симониа аҿар ақыҭа радҳәалара иазкны

Sputnik
Лыхны ақыҭан инхо Хьерсон Симониа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аҿар ақыҭа рхы адырҳәаларц ирыгу, рус ргәы ахымшәартә иҟаҵатәу, насгьы аусурҭатә ҭыԥқәа рыҟамзаара ицәырнаго ауадаҩрақәа ртәы далацәажәеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.