Аԥсны

Гагра ахәҭак лашарада иаанхеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Фымцамчда инхеит астанциа маҷқәа "Цандрыԥшь-ахага", "Гьечрышь", "Баӷрыԥсҭа".
Авариа мзызс иамоу аилкаара иаҿуп. Аҭыԥ аҿы аҟазауаа аус руеит.