Аԥсны

Гагра амшцәгьа ҟалоит ҳәа алаҳәара ҟарҵеит

Егьырҭ Аԥсны араионқәа рҿы макьана амшцәгьа ҟалоит ҳәа алаҳәара ҟарымҵаӡацт. Аха аиқәырхаҩцәа атәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит аԥшаргьагьақәа ҟалоит ҳәа ашәарҭара ахьыҟоу. Иара убас ашьха имцарц рабжьыргоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Гагра араион аҿы амшцәгьа ҟалоит ҳәа алаҳәара ҟарҵеит, абри атәы аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.
Аԥсны АҶА ауаа ирабжьнагоит амҩа иқәымларц, адәахьы усда идәылымҵларц.
Аԥсны амш бааԥс ҟалеит амҽыша, ԥхынгәы 9 рзы. Зегь реиҳа аԥхасҭа аиуит Гагра араион, уа ақәаршҩы иахҟьаны 1100 ҩны аӡы рыҵалеит. Аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, атәылауаа аӡәырҩы ӡыдеи лашарадеи иаанхеит.
Аԥсны
Аԥсны иаԥҵоуп амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб
Амшқәа цәгьахеит егьырҭ араионқәа рҿгьы. Ԥхынгәы 10 рзы Аҟәа амҩақәа аӡы рхыҵәеит, Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы аҩнқәа 10 раҟара аӡы рыҵалеит, Гәдоуҭа араион аҿы Агараки ақыҭан аӡы хыҵит, Гал араион аҿы аҵлақәа каҳан, аӡхыҽҽатә фымцастанциа ашлиузқәа аус дзыруаз афымцацәаҳәақәа хыржәеит.