Аԥсны

Гал араион аҿы зыҽзырцәгьаз амш афымцастанциатә ӡхыҽҽаҿы афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәҵәеит

"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа аӡеизакырҭа мҭәцәарц азы афымцеиқәыршәара излауала ирласны аиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Гал араион аҟны амшцәгьаан икаҳаз аҵлақәа афымцастанциатә ӡхыҽҽаҿы афымцацәаҳәақәа ԥырыҵәҵәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.
Иара иҳәеит ааха зауз аӡхыҽҽа аӡкырҭақәа фымцала еиқәзыршәоз ацәаҳәақәа шракәу. Уажәы "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа аӡеизакырҭа мҭәцәарц азы афымцеиқәыршәара излауала ирласны аиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Егьыс Гал араион аҿы, Ԥлиа иажәақәа рыла, уаҳа ԥхасҭа ҟамлеит. Самырзаҟантәи амҩа, Багаԥшь имҩа, аушьҭырҭа "Егры" рҟны аҵлақәа каҳаит, аха АҶА аусзуҩцәа урҭ ирласны иԥҟаны иқәыргеит.
Жәамш уажә аԥхьа акоммуналтә маҵзурақәа аӡыршьҭрақәа дрыцқьахьан.
Аԥсны
20 инареиҳаны ҩны аӡы рыҵалеит ԥхынгәы 10-11 рзы Аԥсны иҟалаз амшцәгьа аан