Хымш ҵуеит ақәа иааҟәымҵӡакәа иауеижьҭеи, акәарақәа хыҵит, Мықә аӡиас хыҵит ҳәа адырра ҟаиҵеит Хәырхәмал аиҿцәажәараан.
"Аҩнқәа аӡы рыҩнамлаӡеит, аха амҩақәа арбгеит, иаӡәӡәеит бааԥсыла. Ари аҩыза ааигәа иҟамлацызт. Иаҳҭахуп атехника амҩа арыцқьаразы, аха араион аҿы иҟоу тракторк ауп, уи Ԥақәашь аус ауеит. Мықә иазааигәаны иҟоу амхыҭрақәа, 5-6 гектар рҟынӡа, аԥш ауаҩы имыхәо иҟанаҵеит. Акгьы ыҟамызшәа иҵҳәаны иканажьит. Анхацәа рыцҳахеит", - ҳәа иҳәеит ақыҭа ахада.
Анри Хәырхәмал иажәақәа рыла, амшцәгьа иахҟьаны ифымцалашаразы аиԥҟьарақәа рымоуп.
"Иааҟәымҵӡакәа ақәа шлеиуазгьы, анхацәеи араион афымцатә ҟәша аусзуҩцәеи ҳаивагыланы аус аауан. Иҟаҳҵеит, аха еиҭа ицәеит", - иҳәеит Хәырхәмал.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.