Аԥсны

"Ласточка" Гаграҟа аара еиҭалагеит

Гагра, ԥхынгәы 9 рзы иҟаз амшцәгьа аан ҭыԥқәак рҟны ақәа аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Афымцадәыӷба "Ласточка" Шәачантәи Гаграҟа аныҟәара еиҭалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Аԥсны аихамҩақәа" рыпресс-маҵзураҟны.
2033-тәи акилометр "Гагра-Бзыԥ" аҿы аусурақәа цоит. Урҭ инагӡаны ирылгоит уаҵәы ахәылбыҽха.
Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтә Аҟәаҟа иаауа адәыӷбақәа астанциа "Цандрыԥшь" иаангылоит, уантәи апассаџьырцәа автобусла Аҟәаҟа иргоит. Иара убас ауп Аҟәантәи Москва ма Санкт-Петербургҟа ицогьы шымҩанырго.