АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ԥхынгәы 10 ауха аахыс Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә маҵзурахьы 20 инареиҳаны дырра ҟаҵан ақалақь ауааԥсыра рҟынтәи ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә маҵзура аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
“Иацаахыс Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә маҵзурахьы 20 инареиҳаны дырра ҟаҵан ақалақь ауааԥсыра рҟынтәи. Ахатәыҩнқәа аӡы рыҵалеит. Амшцәгьа иахҟьаны аӡиас Аӡиқәа шьҭыҵит, уи адагьы ақәаршыҩцарҭақәа рымч мхеит. Ҭыԥқәак рҿы метрабжак аҟынӡа аӡы ҩеит", - иҳәеит иара.
АҶА аусзуҩцәа аӡы ҭыртоит.
Аԥсны иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны ааха роуит Очамчыра араион ақыҭақәа Ҷлоу, Маркәыла, Лашькьындар, уа ацҳақәа ықәнагеит, ауаа рынхамҩақәа аӡы рыҵалеит.
АҶА аусзуҩцәа рхы иадырхәоит амашьынақәа 3, аус руеит 115-ҩык. Ԥачлиа ишиҳәо ала, рымчқәа еизибархоит. Макьаназы аԥхасҭа ахәшьара арымҭацт.
Араион ахадараҿы аус ауеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аштаб. Уахь идҵаалар рылшоит ауааԥсыра. Аус ауеит аԥхасҭа ахә зшьо акомиссиа.