Аԥсны

Риҵатәи амилаҭтә парк аадыртит аҭааҩцәа рзы

Ԥхынгәы 9 ауха иауз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны Риҵатәи амилаҭтә парк адыркит. Уахь уназго амҩаҿы фыџьара аӡымҭҟьар леит, ҭыԥк аҿы ашьаҟаҭӡы бгеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Риҵатәи амилаҭтә парк аадыртит аҭааҩцәа рзы ԥхынгәы 11 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
"Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы амшцәгьа ашьҭахь зегьы рҭыԥ иқәҵоуп, амҩақәа рыцқьоуп. Иахьарнахыс атуристцәа абжьааԥнеиԥш апарк иаҭаауеит", - иҳәеит иара.
Багаҭелиа иҳәеит Гагреи Шәачеи ааха ӷәӷәа рызҭаз амшцәгьа ашьҭахь ашьха ӡиа абара зҭаху рхыԥхьаӡара шырацәам.
Ԥхынгәы 9 ауха иауз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны Риҵатәи амилаҭтә парк адыркит. Уахь уназго амҩаҿы фыџьара аӡымҭҟьар леит, ҭыԥк аҿы ашьаҟаҭӡы бгеит. Усҟан апарк аҿы иҟаз атуристцәа маҷҩымызт. Иаарласны урҭ ашәарҭара иҭамыргылакәа рықәгара еиҿкаан.
Риҵатәи апарк ахь уназго амҩаду аҿы арыцқьаратә усурақәа инарымаданы иаркхеит ашәахьа ԥхынгәы 10 рзы. Ара атехника хьанҭа аус ауан. Багаҭелиа иажәақәа рыла, ахәылбыҽха аусурақәа хдыркәшеит.