АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араион аҿы ақыҭақәа ҩбеи рҿы аӡы ахәылбыҽха иҟалоит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
Кьалашәыр аӡиас иалсны ицо аӡымҩангага аԥхасҭа аиуит Аҟәа ақәаршҩы анлеи ашьҭахь. Уи аремонт азура цәгьан аӡиас аҩаӡара ахьыҳаракыз азы.
"Аӡиас акыр аҽеиҵнахит, ааигәара узнеиуамызт. Иацынтәарак аӡы аҩаӡара ҳашьклаԥшуан, ишалшо еиԥшҵәҟьа аусурақәа ҳрыгаларц азы. Аха аӡы аҽеиқәнакуамызт, аӡымҩангага аҟынӡа ҳнанашьҭуамызт", - иҳәеит "Аӡыршьҭра" аиҳабы Даур Паҷкориа.
Иара иазгәеиҭеит уахынла аӡ шылаҟәыз, уажәы аусзуҩцәа авариа аԥыхра иаҿуп ҳәа. Паҷкориа иажәақәа рыла, асааҭ 20:00 рзеиԥш ауааԥсыра аӡы шроуа.
Кьалашәыр аӡыҭгагатә станциа №3 Турбаза, Аруаа рымҩа, Баҭымтәи амҩа, Ҷанба имҩа, ақыҭақәа Ӡыгәҭеи Баслаҭеи ӡыла еиқәнаршәоит.