Аԥсны

"Акурорт Пицунда" аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырырхуеит

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аилацәажәара мҩаԥигеит апансионатқәа реидгыла "Акурорт Пицунда" аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра азҵааразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. "Акурорт Пицунда" аҿы амаҵзурақәа ишрылшо ала амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырырхуеит – аномерқәа дрыцқьоит, аплиаж агәамсам ықәыргоит ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҿ ишырҳәо ала, аобиект аҿы афымцалашара ыҟоуп.
Уажәазы апансионатқәа реидгыла "Акурорт Пицунда" аҿы 2228-ҩык нхоит. Аҵакыраҿы аус руеит 1000-ҩык.