АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аԥсны Асанепидеммаҵзура ауаа ирабжьнагоит амшцәгьа ашьҭахь мышқәак амшын иҭамларц. Абри арадио Sputnik аҿы илҳәеит асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
"Иҟалаз амшцәгьа ашьҭахь агәамсами аҳәынҵәеи рацәаны, иара убас аӡы иагаз аԥстәқәагьы амшын ахь иахьнанагаз иахҟьаны, ариабжьарак ауаа амшын иҭамлаларц рабжьаагоит", - лҳәеит Белиаева.
Амш еилгар, Асанепидеммаҵзура аусзуҩцәа аԥшьаша, ԥхынгәы 13 рзы Аҟәеи Гагреи амшынӡы гәарҭараны иҟоуп, иҟалаз амшцәгьа уи ахаҭабзиара бжьнахзар еилыркаарц азы.
Аԥсны иаԥҵоуп амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб, уи иалоуп Асанепидеммаҵзура аусзуҩцәагьы.
"Амшынӡи аӡрыжәтәи аҭагылазаашьа гәаҳҭоит. Ауаа ҳадҵаалоит, иахәҭоу абжьгарақәа раҳҭоит. Аҟәа адезинфекциатә ҟәша аус ауеит, иахьаҭаху аусурақәа мҩаԥаагоит, агәҭарақәагьы ҳарҿуп", - лҳәеит Белиаева.
Асанитартә ҳақьым хада лажәақәа рыла, аӡы зыҩналаз аҩнқәа ҷыдала адезинфекциа рзура аҭахӡам. Ибзианы еилырганы, ирбазар ада аҭахым.
Асанепидеммаҵзура иара убас ауаа иргәаланаршәоит аӡымҩангагақәа рыла иаауа аӡы ажәразы рхы иадмырхәаларц. Ашәыри ауҭраҭыхи ракәзар, урҭ анырыӡәӡәалак ашьҭахь, ӡыршылы иҿырыӡәӡәааларц.