Аԥсны

Ацәгьоура ӷәӷәа ҟаиҵеит ҳәа ахара здырҵо ауаҩы Урыстәылантә Аԥсныҟа аекстрадициа изуп

Давид Саакиан машәырла ауаҩы дызхыԥсааз гәҭакыла игәабзиара ааха аиҭеит ҳәа ахара идҵоуп (Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 105 ахәҭа 4).
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Ацәгьоура ӷәӷәа ҟаиҵеит ҳәа ахара здырҵо Давид Саакиан Урыстәылантә Аԥсныҟа аекстрадициа изуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Ашьаусҭҵаара ишьақәнаргылеит 2022 шықәса лаҵара 29 рзы Гагра, 29 шықәса зхыҵуа Саакиан 27 шықәса зхыҵуаз Дудкчиан диеисит, ааха ӷәӷәақәа ииҭеит, урҭ ирыхҟьангьы уи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит ҳәа.
2023 шықәса хәажәкырамзазы Гагра араионтә ӡбарҭа Саакиан даанкыланы дырбаандаҩтәуп ҳәа аӡбара аднакылеит. Иара иԥшаара рыларҳәеит. Аамҭақәак рышьҭахь Москватәи аобласт аҟны даанкылан.
Уажәы иара Аԥсны ААР акануеи ареспубликахь дааргеит.