Аԥсны

Лӡаа ақыҭан ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Лӡаа ақыҭа даҭаан амшцәгьа реиҳа аԥхасҭа знаҭаз аҭыԥқәа гәеиҭеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Spuntik. "Аԥсныҟәарахьчара" абригада Лӡаа ақыҭан Речнаиа амҩаҿы ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылоит.
Абри атәы атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба изеиҭеиҳәеит Пицунда ақалақь ахада Руслан Хәынҵариа.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб идҵала ақыҭаҿы аӡыршьҭра ариашара иаҿуп.
1 / 3

Лӡаа ақыҭан ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп

2 / 3

Лӡаа ақыҭан ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп

3 / 3

Лӡаа ақыҭан ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп

Лӡаа ақыҭа Гагра араион аҿы амшцәгьа реиҳа аԥхасҭа анаҭеит.
Араион аҿы аус ауеит амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа ахә зшьо акомиссиа. Арзаҳалқәа рыдыркылоит аҭыԥантәи ахадарақәа рҿы.
Аԥсны
"Акурорт Пицунда" аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырырхуеит