АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Ақырҭуа ган иарбанзаалак амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы адокумент аганахь ала ажәалагалақәа рылацәажәара мап ацәнакуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа раан, қырҭтәылатәи аделегациа аҽазныкгьы иазаамырԥшит амшхәаԥштә азҵаара хадақәа хырҳагала рызнеира.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ирҳәеит амч ахамырхәараз жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы адокумент анапаҵаҩра амшхәаԥштә азҵаара хадақәа иреиуоуп "Медведев-Саркози" реиқәшаҳаҭра апункт 6 инақәыршәаны ҳәа.
Араунд алахәылацәа иара убасгьы ирылацәажәеит аҭыԥ аҿы ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа, убри аан иазгәарҭеит арегион аҿы аҭагылазаашьа шҭынчроу.
Аԥсны аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит аидысларақәа рызхьаԥшреи раԥырҟәҟәаареи рзы Амеханизм (МПРИ) ишадгылаҩу. Ушьҭантәи араунд азгәаҭоуп 2023 шықәса ԥхынҷкәын 5-6 рзы.