Амшцәгьа ҳаԥсшьарҭатә ҭыԥ ианымԥшыр амуит, зхатә машьынақәа рыла иаараны иҟаз аԥсшьаҩцәа заанаҵ иааныркылахьаз аҭыԥқәа аԥырхит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Григолиаԥҳа.
"Шәача амҩақәа аԥхасҭа ӷәӷәа рымоуп. Машьынала аара уадаҩхеит. Аинтернет аҿы иҟоуп ароликқәа маҷымкәа амшцәгьа Гагра араион ишаныԥшыз атәы зҳәо. Амшынгьы цәқәырԥоит. Абри зегьы баны мап зкқәаз ҟалеит. Амза 8 инаркны 13-нӡа заа аҭыԥқәа аанызкылахьаз рҟынтәи 20 ԥсахуп. Ҳара уи еилаҳкаауеит. Иахьа-уаҵәы иаараны иҟоу иаҳзасуеит, амш шыҟоу иазҵаауеит, машьынала изаауама, рҽырзыкәабома, абри зегьы еилыркаауеит. Ҳаԥсшьарҭатә ҭыԥ ааха ду аиуит ҳәа ҳазҳәом, аха аҟәара зегьы гәам-самла иҭәын. Уи ирлас идрыцқьеит. Ҳасасцәа амшын аҭалара макьана азин раҳҭаӡом, ацәқәырԥақәа ахьыҟоу азы", - ҳәа лҳәеит Григолиаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.