Аԥсны

Кәыркәынаа: ҳмаашьакәа краҳуроуп, Аԥсны ҳахәароуп

Sputnik
Sputnik Аԥсны иацнаҵоит зыԥсадгьыл ахь акыр шықәса раԥхьа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа арахь раашьеи рынхашьеи атәы ахьеиҭарҳәо апроект "Зхьышьҭра змырӡыз". Иахьа арадиостудиа дсасны даҭан 2010 шықәсазы Диузџье ақалақь иазааигәоу ақыҭа Есмаҳаным аҟынтәи ихынҳәыз Аикәыт Кәыркәынаа. Иара еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла аԥсуаа рыбзазашьа зеиԥшроу, уаатәи ауаажәлар пату шрықәырҵо, Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа реиланхарҭақәа рзы игәаанагара уҳәа. Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.